Америка Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа дырҭбааит. Асиа еиқәа иалагалоуп 8ҩык атәылауааи 29 аиҿкаарақәеи.
Америкатә џьармыкьа алалара азин рымхуп Урыстәыла Иеиду аҕбаргыларатә корпорациеи алмасҵыхратә еилахәыра «Алроси».
Иара убас асиа иалагалоуп аконструктортә биуро «Алмази», «Рубини» егьырҭ еилахәырақәеи.
Хазхаҭалатәи асанкциақәа рзышьақәыргылоуп Иеиду аҕбаргыларатә еилахәыра адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Гьаргь Полтавченкои зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра агенералтә директор Алеқсеи Рахманови.