Америка ахада иадминистрациа  Украинеи арратә азыҟаҵарақәа рыҧкреи азҵаарқәа рзы Урыстәылаҟны аиҿцәажәара алшара алацәажәара иазыхиоуп
Америка ахада иадминистрациа  Украинеи арратә азыҟаҵарақәа рыҧкреи азҵаарқәа рзы Урыстәылаҟны аиҿцәажәара алшара алацәажәара иазыхиоуп

Америкеи адгылаҩцәеи Украинеи, иара убас, аганқәа зегьы рыла  арратә азыҟаҵарақәеи арегион аҿы аракетақәа рыргылареи аҧкреи азҵаарқәа рзы Урыстәылаҟны аиҿцәажәара алшара алацәажәара иазыхиоуп.

Америкатә ачинуаҩ иинформациа ала,  Вашингтон ахаҭарнакцәа ашәахьазы Женева имҩаҧысраны иҟоу  аиҿцәажәарақәа  раан арегион аҿы НАТО атәылақәа рҟны америкатә мчқәа рыргылара аҧкра азҵаара алацәажәара ргәы иҭам.

«Апрогресс ҟалар ахьалшо азҵаарақәа зегьы ҩ-ганктәи аформат аҿы ҳрылацәажәароуп. Аҩ-ганкгьы  рхы иадырҵо аҧхықәрақәа еиҧшызароуп», — иҳәеит Америка администрациа ахаҭарнак.