Алхратә комиссиа хада анапхгара OBSE/ODHIR анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа ирҧылеит.
Алхратә комиссиа хада анапхгара OBSE/ODHIR анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа ирҧылеит.
Аалхратә комиссиа хада апрессмаҵзура адыррақәа рыла, Гьаргь Каландаришвили амиссиа алахәылацәа алхрақәа рымш инаркны иахьанӡа имҩаҧысуа ахыҭсқәа зегьы ирызкны инарҭбаау аинформациа риҭеит. Иара убас, алхратә администрациа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит аделегациа алахәылацәа интересс ирымоу аинформациа зегьы иаамҭаны рыҭара ишазыхиоу.
„Гьаргь Каландаришвили амиссиа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит алхратә администрациа русура аобиективтә ахәшьара бзиа аҭаразы. Иара ишиҳәаз ала, арҭ алхрақәа рҿы раҧхьаӡа акәны аелектронтә технологиақәа ахархәара рыман, убри аҟынтә, анаҧшратә миссиақәа рҟынтә аобиективтә агәаанагарақәеи абжьагарақәеи рзыӡырҩра иазыхиоуп“, – иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.