Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирылахәхо апартиақәа апартиатә сиақәа рцәыргара аҧҟарақәа ирыдҳәаланы аилкаақәа рнаҭоит
Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирылахәхо апартиақәа апартиатә сиақәа рцәыргара аҧҟарақәа ирыдҳәаланы аилкаақәа рнаҭоит

Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирылахәхәо апартиақәа апартиатә сиақәа рцәыргара аҧҟарақәа ирыдҳәаланы аилкаақәа рнаҭоит

Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирылахәхәо апартиақәа апартиатә сиақәа рцәыргара аҧҟарақәеи ари апроцесс иадҳәалоу аиҭакрақәеи  ирыдҳәаланы аилкаақәа рнаҭоит.

Алхратә комиссиа хадаҿы ишырҳәаз ала, алхратә закәанҧҵара инақәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҽалархәразы ашәҟәы иҭаҩу апартиа азин амоуп Сакребуло цыҧхьаӡазы сиак ацәыргара.  Апартиатә сиаҿы Сакребуло алахәызааразы акандидатцәа рхыҧхьаӡара  6ҩык иреиҵамзароуп, 45ҩык иреиҳамзароуп. Қарҭтәи Сакребуло азы  —  50ҩык иреиҵамзароуп,  100ҩык иреиҳамзароуп. Ашәҟәы иҭагалоу апартиа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ари асиа изцәырнагароуп алхрақәа рымшынӡа  30 мшы шагу  (цәыббра 4 иналаҧхьаӡаны).

Алхратә закәанҧҵара инақәыршәаны, уаҩҧсык 2 сиак дырнызар ҟалм.

Апартиатә сиаҿы иарбазароуп: акандидат ахьӡи ижәлеи; даниз арыцхә; ахаҵара-ҧҳәысра; аҭыӡҭыҧ; Қырҭтәыла атәылауаҩ иаҳасабала ианашьоу ахатә номер; иусуратә ҭыҧ  (аус имуазар уигьы иарбазароуп); амаҵзураҭыҧ; аҭыҧантәи амажоритартә округ аҿы кандидатс дыҟазар  — аокруг ахьӡи аномери.