Алеқсандр Вершбоу -  Джо Баиден Аахыҵ Кавказ аҿы Америка алахәызаара аизырҳара астратегиатә ҵакы шамоу еиликаап ҳәа сгәыҕуеит
Алеқсандр Вершбоу -  Джо Баиден Аахыҵ Кавказ аҿы Америка алахәызаара аизырҳара астратегиатә ҵакы шамоу еиликаап ҳәа сгәыҕуеит

 

«Джо Баиден имоу аҧышәа иазҧхьагәаҭаны,   иара Аахыҵ Кавказ аҿы Америка алахәызаара аизырҳара астратегиатә шакы шамоу еиликаауеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Вершбоу Актәи аканал иеиҭаз аинтервиу аҿы.

Аеқсперт ишиҳәаз ала, Ашьхатә Ҟарабах имҩаҧысуа ахҭысқәа рфонаҿ, Амшын Еиқәа аҿы НАТО ахаҭарнарка иазырҳатәуп.

Вершбоу иҳәамҭала,  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реимак амшала арегион аҿы Урыстәыла иамоу анырра иаҳа иҕәҕәахеит. Иара игәаанагарала, Урыстәыла ари ахықәкы нанагӡеит  Америкатә дипломатиа апассивра амшала.