Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахь ааԥхьара ҟарҵоит
Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахь ааԥхьара ҟарҵоит

Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахь ааԥхьара ҟарҵоит:

Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара афинансркра амодель аԥсазра иазкны аднакылаз азакәанпроект, Ауаажәларратә дырраҭара астатуси аԥсахуит, Ауаажәларратә дырраҭара аԥнахуеит ҳәа иаҳҳәар ҳалшоит.

Афинансркра абри еиԥш аҵас Европа иҟоу ауаажәларратә дырраҭарақәа рфинансркра амодельқәеи ашьаҭатәи принципқәеи иреиԥшым.

Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ахада Ноель Куран иҟаиҵаз алкааҿ ишазгәеиҭаз ала, ари азакәанпроект адкылара Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара асистема аԥыхра ахылуҵуеит, харгьы игәаанагара ҳақәшаҳаҭуп.

Ҳаҭыр зқәу апарламент ахантәаҩы, ари ашәарҭа иазыԥхьагәаҭаны, ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа шәара шәахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәанпроект адкыларанӡа ҳгәаанагарақәа шәырзыӡырҩырц.