«Абанкир имшынҵа» — Адокументалтә фильм апремиера Актәи аканал акинотеатр «Иллиузион» аҿы
«Абанкир имшынҵа» — абас иахьӡуп Актәи аканал акинотеатр «Иллиузион» аҿы имҩаҧгаз адокументалтә фильм аӡыргара.
Афильм ҭихит арежиссиор Леван Ахобаӡе, асценари иҩит Михаил Басилаӡе, дара Ауаажәларратә дырраҭара адокументалтә фильмқәа рстудиаҿ аус руеит. Ари афильм Қырҭтәыла Амилаҭтә банк раҧхьатәи анапхгаҩы Иасон Лорҭқиҧаниӡе изкуп. Асценари иҩуп иара имшынҵа ашьаҭала. Афильм аҿы иарбоуп Қырҭтәыла абанктә система шышьақәгылоз.
Иара убас, ахәаҧшцәа Иасон иҧа, аиункер Нико Лорқиҧаниӡе иҭоурых еилыркаауеит.
Адокументалтә фильм иҭыхуп Қырҭтәыла амилаҭтә валиута – лари 30 шықәсатәи аиубилеи инамаданы.
Афильм ателепремиера мҩаҧысуеит Актәи аканал аефираҿы, асабшазы, цәыббра 20 рзы, асааҭ 19:30 рзы.
