Ҭинаҭин Берӡенишвили Амедиеи аинформациатә дырреи аглобалтә амчыбжь аихшьаалатә конференциаҿ дықәгылеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили Амедиеи аинформациатә дырреи аглобалтә амчыбжь аихшьаалатә конференциаҿ дықәгылеит

Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили 2023 шықәсазтәи Амедиеи аинформациатә дырреи аглобалтә амчыбжь аихшьаалатә конференциаҿ дықәгылеит.

“Амедиа ҿыц аԥхьаӡацтә аҽеиҭакра аепохаҿ – аканалқәа, аформатқәа, аудиториа” хьӡыс измоу асессиа аԥхьаӡацтә медиа ааԥхьарақәеи урҭ ирызку алшарақәеи ирызкын.

“Асезон ҿыц инаркны Актәи аканал актәи ақырҭуа BVOD аплатформа 1TVPLAY аднагалеит. Аҭцаарақәа рыла, аудиториа ахымҩаԥгашьа ԥсаххеит, атрадициатә медиахархәагақәа рҟынтә амиграциа аԥхьаӡацтә платформақәа рахь нагӡоит“, – илҳәеит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ауаажәларратә дырраҭара актәи ақырҭуа ихәыԥсадоу  BVOD (Broadcaster video on demand) аплатформа 1TVplay  аӡыргара мҩаԥылган, адырраҭара ахәынаӡарақәа дырзааҭгылеит.