Атәылахьчара аинституциатә аргыларазы ашкол Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит
Атәылахьчара аинституциатә аргыларазы ашкол Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит

Атәылахьчара аинституциатә аргыларазы ашкол астудентцәеи арҵаҩцәеи Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит.

Астудентцәа атәылахьчареи ащәарҭадареи рпрограмма акурсқәа ирхысуеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили аиԥылараҿ акритикатә ҭагылазаашьаҿ ма аибашьраан Ауаажәларратә дырраҭара аусзура апринципқәа дрыхцәажәеит.

“Ҳарзааҭгылеит Ауаажәларратә дырраҭара ахәаԥшышьеи, амиссиеи, ашьаҭатәи функциақәеи, ажурналистцәа рҭакԥхықәреи руалԥшьақәеи. Аихқәа рроль иазкыз аинерес змаз азҵаарақәа иқәгылан. Иара убас аихқәа ашәарҭадара рыхәҭа аҳасабла ҳахцәажәеит. Адискусиа бзиа ҳаман ҳәа сгәы иаанагоит“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.