Қырҭтәыла Актәи аканал ахь иаҭааит Европа адырраҭарақәа реидгыла Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылацәа
Қырҭтәыла Актәи аканал ахь иаҭааит Европа адырраҭарақәа реидгыла Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылацәа

Қырҭтәыла Актәи аканал ахь иаҭааит Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылацәа.

Акомитет иалоуп Европа адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвилии ажәабжь ҿыцқәа рблок анапхгаҩы Гьаргь Гварамаӡе ирԥылеит.

Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) аинформациатә маҵзура аиҳабы Лиз Корбин лажәақәа рыла, Ауаажәларратә дырраҭара ажәабжь ҿыцқәа рыҟәша, аинтеграциа змоу аниусрум ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоуп.

Ателеканал ВВС амедиаашлыхра анапхгаҩы Моровен Уиллиамс ишылҳәаз, Ауаажәларратә дырраҭара аниусрум даара илгәаԥхеит.

Абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара Европа адырраҭарақәа реидгыла ажәабжь ҿыцқәа 16-тәи рассамблеиа мҩаԥнагоит.