Алексеи Резник иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина Нато де-факто алахәылоуп
Алексеи Резник иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина Нато де-факто алахәылоуп

Украина Атәылахьчара аминистр Алексеи Резник иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина Нато де-факто алахәылоуп. резник ари иазгәеиҭеит ВВС аинтервиу аҿы.

“Украина атәыла аҳасабла, украинатәи арбџьармчқәа Нато иалалахьеит. Аха де-иуре акәым – де-факто, ҳара иҳамоуп абџьар, адырр, уи ахархәара ҳалшоит. Хара имгакәа Нато де-иуре ҳалалоит ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит Резник.

Резник игәаанагарала, Украина мраҭашәарантә атеникеи, анырҵәагақәеи, зрадиус хароу аракетақәеи аиеит.

Украина Атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи тәылақәак Киев абџьар аҭара азҵаара идахкны рпозициақәа рыԥсахра иалагахьеит.