Алексеи Арестович ишаицҳаз, Владимир Зеленски алхрақәа рҽалархәра мап ацәикыр, апрезиденттә алхрақәа рҿы иара ихала акандидатура иқәиргылоит
Алексеи Арестович ишаицҳаз, Владимир Зеленски алхрақәа рҽалархәра мап ацәикыр, апрезиденттә алхрақәа рҿы иара ихала акандидатура иқәиргылоит

Алексеи Арестович ишаицҳаз, Владимир Зеленски алхрақәа рҽалархәра мап ацәикыр, апрезиденттә алхрақәа рҿы иара ихала акандидатура иқәиргылоит, – ари атәы  Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ ааицҳаит украинатәи ажурналист Дмитри Гордон иҟны аинтервиу аҿы.

“Среитинг иахьа ахада Зеленски иреитингуп. Сареи ахадеи ҳакзаара ӷәӷәоуп, ахаан дысҭииуам. Зны-зынла ҳгәаанагарақәа еиԥшым, аха ари сгәаҿы аанхоит”, – иҳәеит Арестович.

Арестович ишазгәеиҭаз, аибашьраан апрезиденттә амбициақәа рыхцәацәара ииашам, аха абри еиԥш амбициақәа шимоу имҵәахеит.

“Зеленски аҩбатәи аҿҳәарала алхрақәа ихы алаирхәыр, сара сиҿагылом, ари ахаан иҟалом. Аха Владимир Зеленски алхрақәа рҽалархәра мап ацәикыр, апрезиденттә алхрақәа рҿы  сакандидатура иқәсыргылоит”, – иҳәеит Арестович.