Алексе Арестович – Урыстәылеи уи ала украинатәи аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи аганахьала акомпромисс зыҟалом, аинааларазы вариант заҵәык ауп иҟоу  - Урыстәыла акапитулиациа
Алексе Арестович – Урыстәылеи уи ала украинатәи аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи аганахьала акомпромисс зыҟалом, аинааларазы вариант заҵәык ауп иҟоу  - Урыстәыла акапитулиациа

«Урыстәылеи  уи «арҭынчразы» украинатәи аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи аганахьала акомпромисс зыҟалом  — ампыҵахалаҩцәа зегьы ҳтәыла иалҵроуп», —  иҳәеит Украина ахада ибжьагаҩ  Алексеи Арестович.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы аинаалара зыҟалом.

«Аинааларазы вариант заҵәык ауп иҟоу  – Урыстәыла акапитулиациеи,  аурыс арбџьармчқәа ралгареи, акомпенсациа алацәажәареи. Уи аҳәынҭқарра анапхгара рпринциптә позициоуп», — иҳәеит  Арестович.

Иара иажәақәа рыла, адипломатцәеи, Украина жәларбжьаратәи апартниорцәеи  ари апозициа иақәшаҳаҭуп.

«Аурысцәа ҳтәылаҿы изаангылом, уи еиҧш авариант иҟам.  Тәылақәак Урыстәылаҟны аиқәшаҳаҭхара рҽазыркыр ҟалап.  Европа еиуеиҧшым апроцессқәа шымҩаҧысуа аабоит. Зпозициа ҕәҕәам тәылақәакгьы иҟоуп, уи европатәи аполитикатә школ ауп», — иҳәеит  Арестович.