Алексеи Арестович – Беларустәи аруаа Украина иаҿагылоу аибашьра рхы аладырхәр рҭахым
Алексеи Арестович – Беларустәи аруаа Украина иаҿагылоу аибашьра рхы аладырхәр рҭахым

Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ Алексеи Арестович иҳәамҭала, Беларустәи аруаа Украина иаҿагылоу аибашьра рхы аладырхәр рҭахым.

«Беларусь анапхгара рхатә  моральтә-психологиатә ҭагылазаашьа еиҧҟьарада ашәара иаҿуп. Дара рдыррақәа рыла, арратә маҵзуҩцәа 60% Украина иаҿагылоу аибашьра аҽалархәра рҭахым», — иҳәеит Арестович.

Арестович иажәақәа рыла, беларустәи аруаа аибашьра аҽалархәра рыдарцаларгьы, дара «абраҟа арратә гәымшәара аадырҧшуам».