Алексеи Арестович – Ҳара ақырҭуааи, Молдовеи, Шәамахьтәылеи реиқәырхара ҳақәшәоит
Алексеи Арестович – Ҳара ақырҭуааи, Молдовеи, Шәамахьтәылеи реиқәырхара ҳақәшәоит

«Ҳара ақырҭуааи, Молдовеи, Шәамахьтәылеи реиқәырхара ҳақәшәоит», — иҳәеит Украина ахада иофис абжьагаҩ  Алексеи Арестович.

Ажурналист  Николаи  Фельдмана Қырҭтәыла иаауа Урыстәыла атәылауаа  дрыхцәажәеит:  «Қырҭтәыла иаҭааит  300 нызқьҩык аурысцәа, 3 миллионҩык ақырҭуаа рыгәҭа  300 нызқьыҩк аурысцәа иҟоуп, ақырҭуаа уи проблемас ирзыҟалеит».   Арестович абас аҭак ҟаиҵеит:

«Уи катастрофоуп, ҷыдала Урыстәыла иадгыло уажәтәи анапхгара рхаан,  дара аӡбарақәа рыдкылара рылшом, Саакашвили иаҧиҵаз зегьы дырбгеит,  аполициаҿы акоррупциа иҟоуп, ақырҭуаа рхаҭа ишырҳәо ала, зегьы уҭиир ҟалоит.  Ҳәарада, абри зегьы амилаҭтә шәарҭадаразы апроблема дуӡӡоуп.  Аиҳабыреи амаҵзура ҷыдақәеи рҿы иҟоу Қырҭтәыла апартриотцәа  рҭагылазаашьа шыцәгьоу еилыскаауеит. Ҳара ари азҵаарагьы хшыҩзышьҭра азаауеит, ақырҭуааи, Молдовеи, Шәамахьтәылеи, егьырҭгьы реиқәырхара ҳақәшәоит.  Уи бзиоуп, избанзар, миллионҩык еибашьуа ҳаҷкәынцәеи ҳаӡҕабцәеи хара имгакәа ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿы аусурҭа роуеит  – аҭынчрачаҧаҩцәа, аҭышәынтәаларатә операциақәа, агуманитартә операциақәа уҳәа…  Абри зегьы аҭыҧ иқәҵатәыми», — иҳәеит Арестович.