Алеко Елисашвили – Ахҭысқәа ишьақәдырҕәҕәеит алхрақәа рҧаршеира амҽхак усҟак ишдуумыз
Алеко Елисашвили – Ахҭысқәа ишьақәдырҕәҕәеит алхрақәа рҧаршеира амҽхак усҟак ишдуумыз

«Аполитикцәа дара агха шрыхьыз иазхарҵаратәы агәыҕьра рымазароуп.  Ахҭысқәа ишьақәдырҕәҕәеит алхрақәа рҧаршеира амҽхак усҟак ишдуумыз. Ҳара уи иазхаҳҵеит, егьырҭ иазхарҵом», — иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер  Алеко Елисашвили.

Иара иажәақәа рыла, алхрақәа рҧаршеира амҽхак шьақәдырҕәҕәар акәын аоппозициатә партиақәа хҧа, избанзар урҭ рхаҭарнакцәа  3700 алхырҭақәа рҿы иҟан. Аха, Елисашвили ишиҳәаз ала, дара абри апроцесс алахәызааразы мап ркит.

«Аоппозициатә партиақәа хҧа абри апроцесс алахәызааразы мап ркит,  ацәаныррақәеи агәаанагарақәеи акәымкәа, афактқәа рылацәажәара рҭахымхеит.  Сара сзы афактқәа роуп ахадаратә ҵакы змоу. Ҳара абри азҵааразы акомиссиа еиҿкаатәуп ҳәа ҳгәы иаанагомызт, избанзар, уезгьы зегьы еилкаан. Дара аргументқәа рымамызт, убри аҟынтә, абри апроцесс иацәыбналеит», — иҳәеит Алеко Елисашвили.