Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 749 Қарҭ иаарҧшын, 122 - Имереҭи, 102 - Қвемо Қарҭли
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 749 Қарҭ иаарҧшын, 122 - Имереҭи, 102 - Қвемо Қарҭли

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 749 Қарҭ иаарҧшын, 122 – Имереҭи, 102 – Қвемо Қарҭли. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 14074 атестқәа: 6102 – антиген азы,  PCR –  7972.

Аҵоура арбага: мышктәи –  2.5 %, иҳаҩсыз 14 мштәи – 2.47%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 2.34%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 363874–ҩык, урҭ рҟынтә 350466-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 5275-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп  254737-ҩык, мышкала – 604-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 40-ҩык, 598 -ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  2602-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1 194 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  749 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 41, Имереҭи —  122, Қвемо Қарҭли  —  102,  Шида Қарҭли  —  29, Гуриа  — 1, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  —  44,  Кахеҭи  — 71,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  — 20,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 8, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 7.