Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  710 Қарҭ аарҧшуп, 239 -  Имереҭи,  78 – Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  710 Қарҭ аарҧшуп, 239 -  Имереҭи,  78 – Аҷара

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  710 Қарҭ аарҧшуп, 239 –  Имереҭи,  78 – Аҷара.

Абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы Бердиа Сиҷинава.

Иара иажәақәа рыла, арегионқәа инрықәыршәаны, астатистика абас ауп ишыҟоу: 710 фактқәа Қарҭ аарҧшуп, Аҷара  — 78,  Имереҭи — 239,  Қвемо Қарҭли  — 63,  Шида Қарҭли  — 130, Гуриа  — 24,  Гыртәыла  — Хыхьтәи Шәантәыла  — 108,  Кахеҭи  — 105, Мцхеҭа – Мҭианеҭи  — 47,  Самцхе – Джавахеҭи — 14, Раҷа–Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи  — 9.

Уажәазы  атәылаҿы 13 162 активтә фактқәа иҟоуп,  урҭ рҟынтә  5 104ҩык ахәышәтәырҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит.  Апациентцәа зегьы рҟынтә  1004ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.