Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина регионқәак рҿы аԥжәарақәа рыбжьы гоит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина регионқәак рҿы аԥжәарақәа рыбжьы гоит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ахысбжьи аԥжәарақәа рыбжьи гоит Киевтәи Одессатәи, Черниговтәи, Коровоградтәи, Вильницатәи, Хмельницктәи аокругқәа рҿы. Арҭ арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа аусура алагеит, анапхгара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵиот ахыҵахырҭақәа рахь ииасырц.

Уахынла аурыс ампыҵахалаҩцәа Николаеви Днепропетровски рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит. Украинатәи агвардиа аинформациала, урыстәылатәи мчқәа Бахмут аҭынчтәылауаа акассетатә бомбақәа ирыларыжьит. Ахәрақәа зауз иҟоуп.

Америка аибашьраҭҵааратә инстиут аинформациала, урыстәылатәи ар Херсонтәи аокруг аҿы апозициақәа ааннажьуеит, аха аекспертцәа ргәаанагарала, ари аҵәахразы, аурыс аруаа Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциаҿ аӡкыра ԥыржәар ҟалп.