Жәларбжьаратәи аих рдыррақәа рыла, Киев аԥжәареи ахысбжьи гоит.
CNN ишаанацҳауа, аԥжәарабжьы Киев еиуеиԥшым араионқәа рҿы гоит.
ВВС аинформациала, аԥжәара ӷәӷәа ҟалеит Маидан ааигәара. Ақәԥарақәа нагӡоит киевтәи аԥхарратә станциа ааигәара.
Украинатәи аих рдыррақәа рыла, Киев аидыслара нагӡоит арратә раион, аметро “Берестеиская” ааигәара.