АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Буча ақалақь азы ахылаҧшра еиҭашьақәдыргылеит  
АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Буча ақалақь азы ахылаҧшра еиҭашьақәдыргылеит  

 

Украинатәи аруаа Буча ақалақь азы ахылаҧшра еиҭашьақәдыргылан, ақалақь ахадара ахыбра аханы Украина абираҟ шьҭырхит. Ари атәы аанацҳауеит    украинатәи амедиа.

Буча ақалақь Киев иазааигәоуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы уаҟа ақәҧара ҕәҕәа мҩаҧысуан. Украинатәи ар урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рырратә техника аколлона иқәырхит.