АИХ адыррақәа рыла, Украина ахада иадминистрациа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа раан анеитралитет азҵаара иалацәажәар ауеит
АИХ адыррақәа рыла, Украина ахада иадминистрациа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа раан анеитралитет азҵаара иалацәажәар ауеит

 Украина ахада иадминистрациа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа раан анеитралитет азҵаара иалацәажәар ауеит.  Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы Игорь Жовква ари атәы ааицҳаит анемец канал ARD аинтервиу анеиҭоз.

Украина ахада иадминистрациа ахаҭарнак ишиҳәаз ала, исериозу аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ҟалоит Владимир Путини Владимир Зеленскии еиҧылар.

Игорь Жовква иҳәамҭала,  анеитралтә статус алацәажәара ҟалоит урыстәылатәи арбџьармчқәа аналыргалак мацара.

«Ҳара абри аҩыза уаҳа хаан ишыҟамло азы агарантиа ҕәҕәа ҳҭахуп», — иҳәеит  Жовква.