Аиустициа аминистрра - Михеил Саакашвили иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит идаҳгалаз амедицинатә цхыраара хьаҳәа-ԥаҳәада дақәшаҳаҭхарц
Аиустициа аминистрра - Михеил Саакашвили иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит идаҳгалаз амедицинатә цхыраара хьаҳәа-ԥаҳәада дақәшаҳаҭхарц

Аиустициа аминистрра абаандаҩы Михеил Саакашвили изку аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Аиустициа аминистрра Саакашвили иахь ааԥхьара ҟанаҵоит хьаҳәа-ԥаҳәада идаҳгалаз амедицинатә цхыраара дақәшаҳаҭхарц.

Иара убас аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп, Аиустициа аминистрра асистема иаҵанакуа апенитенциартә маҵзура ҷыда Қырҭтәыла алицензиақәа зауз амедицинатә усҳәарҭақәеи уа аус зуа аперсонали рыгәра шаго.

“Абаандаҩы Михеил Саакашвили иахь даҽазнык ааԥхьара ҟаҳҵоит иинтересқәа ирызԥхьагәаҭаны, идаҳгалаз амедицинатә цхыраара хьаҳәа-ԥаҳәада дақәшаҳаҭхарц. Апенитенциартә маҵзура аусуҩцәа иааҟәымҵӡакуа игәабзиара иахылаԥшуеит, иара убас абаандаҩы ишәарҭадара рыхьчоит. Аполитикатә ангажирра змоу ахаҿқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Михеил Саакашвили ииашоу аӡбара адкылараҿ иԥырхаго апровокациақәа ирҟәыҵыр”, – иануп аминистрра аҳәамҭа аҿы.