Аиустициа аминистрра - ЕАШ аҳәынҭдепартамени аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала Қырҭтәыла еиҭах ахәшьара ҳарак аиуит
Аиустициа аминистрра - ЕАШ аҳәынҭдепартамени аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала Қырҭтәыла еиҭах ахәшьара ҳарак аиуит

ЕАШ аҳынҭдепартамент 2023 шықәса рашәара 15 рзы аланарҵәаз аҳасабырба инақәыршәаны, ауаҩытәыҩса имҵарсра (атрефикинг) аҿагылара аганахьала имагаз ауснагата рыла, 188 тәыла рыбжьара, аашықәса ирылагӡаны  Қырҭтәыла аԥхьагылара змоу атәылақәа ириуп. Сынтәа иреиҳаӡоу ахәшьара 30 тәыла мацарар роуит. Аанацҳаит Аиустициа аминистрра.

Аиустициа аминистрра аинформациа ала, арегион амасштабла “арҭбааратә” атәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла сынтәагьы аҭыԥ ҳарак ааннакылан, Евроеидгыла иалоу атәылақәа: Германтәыла, Франциа, Бельгиа, Австриа, Нидерланды, Швециа, Лиуксембург ирывагылоуп.