Аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы   42ҩык апациентцәа иҟоуп,  жәҩык ранализқәа рҭакқәа ирзыҧшуп
Аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы   42ҩык апациентцәа иҟоуп,  жәҩык ранализқәа рҭакқәа ирзыҧшуп

 

Аинфекциатә хәышәтәырҭа абокстә аҟәшаҿы 42ҩык апациентцәа иҟоуп. Урҭ рҟынтәи 21ҩык ранализқәа рҭакқәа идыруп, дара акоронавирус рымам, урҭ акарантинтә зонашҟа иаргоит. Жәҩык апациентцәа ранализқәа рҭакқәа еилкаахоит уаха, ма уаҵәы шьыжьымҭан.

Акоронавирус змоу ауаа рхыҧхьӡара иацымлеит, инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус рымоуп 15ҩык ауааҧсыра. Урҭ рҟынтәи 14ҩык Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа иҭоуп, аӡәы Сачхере аклиникаҿы дыҟоуп.