Аиҳабыра рыӡбарала, жьҭаара 27 рзы, Арҵаҩы имилаҭтә амш азгәарҭоит, зҽаҧсазтәыз арҵаҩцәа 10 000 лари есышықәсатәи апремиа роуеит
Аиҳабыра рыӡбарала, жьҭаара 27 рзы, Арҵаҩы имилаҭтә амш азгәарҭоит, зҽаҧсазтәыз арҵаҩцәа 10 000 лари есышықәсатәи апремиа роуеит

Аиҳабыра рыӡбарала, жьҭаара 27 рзы Қырҭтәыла Арҵаҩы имилаҭтә амш азгәарҭоит. Ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра радминситрациа апресс-маҵзура аинформациаҿы ишану ала, уаажәларраҿы арҵаҩы ироль азгәаҭареи, арҵаҩцәа рыхә ашьареи,  арҵаҩы изанааҭ аҵакы аизырҳареи амзызла, есышықәса, жьҭаара  27 рзы, ақырҭуа арҵаҩы, Қырҭтәыла аҵарадырратә арҵаҩра ашьаҭаркҩы, апублицист, ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Иакоб Гогебашвили иирамш аҽны, Арҵаҩы имилаҭтә амш азгәарҭоит.

«Зыӡбахәы ҳәоу арыцхә инамаданы, есышықәса,  ауаажәларратәи аҵаратәи система аҿиара аус аҿы алагала ду азыҳәан, иалкаау арҵаҩцәа иранаршьоит Арҵаҩы имилаҭтә премиеи, ҷыдала иаҧҵоу агәышҧытә дыргеи,  10 000 лари аҧаратә ҳамҭеи», – иануп аинформациаҿы.