Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Алеқси Адеишвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Алеқси Адеишвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа  Ахмаџь ақыҭа иазааигәаны закәандарала иааныркылаз Алеқси Адеишвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп, – ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

„Алеқси Адеишвили ихақәиҭтәи апроцессаҿ активла ахархәара рыман Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Амониторингтә миссиа  (EUMM) аҽалархәрала аус зуа  „Ацәаҳәа ҷыда“ амеханизми, иара убас, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәеи. Қырҭтәыла анапхгара жәларбжьаратәи партниорцәа еиҧҟьарада аинформациа рырҭон.

Қырҭтәыла ацентртә напхгара ари азҵаара иқәдыргылеит Аинцидентқа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм  (IPRM) аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан.

Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи партниорцәа рыцырхрааны, активла аусура нарыгӡоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы“,- иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.