Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Михаил Саакашвили  8-тәи ма даҽа бахҭак ашҟа иҟалар зылшо ииагара аан, зхылаҧшра ҟамло аҭагылазаашьа аҧҵара амзызла  адеструктивтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Михаил Саакашвили  8-тәи ма даҽа бахҭак ашҟа иҟалар зылшо ииагара аан, зхылаҧшра ҟамло аҭагылазаашьа аҧҵара амзызла  адеструктивтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адепартамент ҷыда аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара иазку ачарҳәара афакт аҭҵаара иаҿуп», — Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит аусбарҭа ахаҭарнак Бача Мгелаӡе.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идгылаҩцәа аҳәынҭқарра иаҿагыло ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аверсиа инақәыршәаны, абаандаҩы Глдантәи  №8 абахҭашҟа ииагара иаҧырхагахар рҭахуп. Саакашвили зыӡбахәы ҳәоу аусбарҭашҟа диаргоит игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьахар.

«Зыӡбахәы ҳәоу ахықәкы анагӡаразы, дара абри аусбарҭашҟа ицо амҩа аркра ргәы иҭоуп, убри ала, Михаил Саакашвили ииагара аҧырхагахареи аилаҩынтәра аиҿкаареи рҽазыркуеит», — иҳәеит абрифинг аҿы Бача Мгелаӡе.

Иара дызлацәажәоз афакт иадҳәаланы  ашаҳаҭга заҵәык цәыригеит, аӡбарҭа азин ала Қарҭ, апрезиденттә библиотекаҿы иҟаз аудионҵамҭа. Уажәааны уаҟа аплатформа «Миша ихақәиҭтәразы» аштаба еиҿкаан.

Аудионҵамҭаҿы  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Бесо Ҵередиани  егьырҭ ауааҧсыра драцәажәоит абахҭатә хәышәтәырҭашҟа  Саакашвили ииагара аан амҩақәа рыркра аплан азы. Мгелаӡе ишиҳәаз ала,  ашаҳаҭцәа раҳасабала аҿахәы амхразы иаарыҧхьаз ахаҿқәа аҿахәы аҭаразы мап ркит.

Аусеилыргара инагӡоит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 315 ахәҭаҷ 1 ахәҭа ала  – «Амч ахархәарала аконституциатә аиҿкаашьа аҧсахра, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара, ма анапахьы аагара амзызла ачарҳәара».