Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, ателееилахәыра «Имеди» аҳәарала, асаботаж афакт азы аусеилыргара иалагеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, ателееилахәыра «Имеди» аҳәарала, асаботаж афакт азы аусеилыргара иалагеит.
«Ателеканал атранслиациа аанкылан асааҭ 17:48 рзы, 45 минуҭ рыҩныҵҟа аканал аефирахь изҭыҵуамызт. «ТелеИмеди» инаваргыланы, аҳолдинг иалоу даҽа 2 еилахәырак, — «Маестрои» «GDS»-и рдырраҭара аанкылан. Иашьашәалоу аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.