Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит  
Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит  

Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит  Урыстәылазы  „астратегиатә дилема“ аҧырҵарц азыҳәан, – ари аинформациа аланарҵәеит афранцыз ҭыжьымҭа  „Монди“.

Афранцыз ҭыжьымҭа украинатәи адипломат иинформациа аланарҵәеит, иара ишиҳәаз ала, аидгыларатә тәылақәа Украинаҿ аҧшыхәратә маҵзура нарыгӡоит, аха, ҧхынҷкәын инаркны, Украинаҿ аидгылаҩцәа рырратә мчқәа рырҕәҕәара азҵаара иалацәажәоит.

Иара убас, афранцыз ҭыжьымҭа  „Фигаро“ ишану ала, Франциа ахада Емануел Макрон, Франциа аполитикатә мчқәа зегьы еизганы, арратә персонал Украинаҟа рдәықәҵара иазкны драцәажәар иҭахуп.

Афранцыз медиа адыррала, аиҧылара мҩаҧысуеит хәажәкыра  7 рзы.