Афинансқәа рминистр  Иване Маҷавариани акоронавирус ҿикааит
Афинансқәа рминистр  Иване Маҷавариани акоронавирус ҿикааит

 

Афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани атест изыҟарҵан, акоронавирус адиагноз изышьақәдырҕәҕәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит аминистрра апресс-маҵзура.

Аинформациа ишану ала, Маҷавариани хар имамкәа дыҟоуп,  аҩнынтә анахарала аусура наигӡоит.

Иара убас,  акоронавирус ҿикааит аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Какауриӡегьы,  иаргьы аҩны иҽихәышәтәуеит.