Аекономикатә хеилак аӡбарала, ирссоу ачарыц Қырҭтәылаҟа аимпорт аанкылоуп  2023 шықәса абҵара 1-нӡа
Аекономикатә хеилак аӡбарала, ирссоу ачарыц Қырҭтәылаҟа аимпорт аанкылоуп  2023 шықәса абҵара 1-нӡа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, аилатәара алахәылацәа уажәазы имҩаҧысуа аекономикатә проектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит. Ачарыц аимпорт азҵаара ҷыдала иазааҭгылеит.

Ишазгәаҭаз ала, алышәшәақәа рацәа рымшала, Кахеҭи ачарыц аҽаҩра аиҳара  афатәаалыц азы ихәарҭам, убри аҟынтә, афермерцәа  ачарыц аҟашәатә мзызқәа рзы аҭира рықәшәеит. Абри апроцесс ҧырхагак амамкәа амҩаҧгара амзызла,  2023 шықәса абҵара 1-нӡа  Қырҭтәылаҟа  ирссоу ачарыц аимпорт аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура.