Аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган
Аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Ахеилак алахәылацәа атәылаҿы иҟоу аекономикатә тенденциақәеи аинициатива ҿыцқәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, арегиони адунеи рҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, атәылаҿы раҧхьатәи бжьымз рыла ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара -10,3% азҳара иҟан, уи аҵакы ду амоуп.  

Иаҵшьны иазгәаҭан атуризм аҟынтә ахашәала азҳара атенденциа.  Ахеилак алахәылацәа ажьҭаара апроцессгьы  иалацәажәеит. Аилатәараҿы ишзгәаҭаз ала, цәыббра 16 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Кахеҭи арегионаҿ  70 нызқь тонна ажь аус адырулахьеит, аҽаҩра аҭагалара апроцесс ҧырхагак амамкәа имҩаҧысуеит. 7000-ҩык аӡахәааӡаҩцәа рҽаҩра аҩыҟаҵарҭақәа ирырҭахьеит, дара  70 миллион лари еиҳаны ахашәала роухьеит.  140 раҟара аилахәырақәа ажь аус адырулахьеит.