Аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган 
Аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган 

Аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган. Ахеилак алахәылацәа уажәазы имҩаҧысуа аекономикатә проектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылара алахәылацәа Қарҭтәи аҳаирбаҕәаза ҿыц арҿиара иазку аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирзааҭгылеит, арҭ аҭҵаарақәа еицымҩаҧыргеит Азиатәи Аҿиара абанки Аҳаирбаҕәазақәа реидгылеи.

Иара убас, аилатараҿы аенергетика аусхкы  арҿиарагьы иалацәажәеит. Лымкаала, зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтә афымцатә проектқәа рыдгылара амеханизмқәа ирзааҭгылеит, хара имгакәа, аиҳабыра ари азҵаара иадҳәаланы аҭагылазаашьа ҿыцқәа шьақәдырҕәҕәоит.