Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Аекономикатә хеилак алахәылацәа уажәы имҩаҧысуагьы имҩаҧыргараны иҟоугьы апроект дуқәа ирылацәажәеит. Иара убас, аҧыза-министр идҵала активла аус здыруло аинфраструктуратә проектқәагьы ирзааҭгылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун ақалақьқәеи акурортқәеи рырҿиара апрограмма  2023-2028,  арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе аиҳабыра рнапхгаҩи ахеилак алахәылацәеи ари апрограмма иазкны инарҭбаау аинформациа риҭеит. Ишазгәаҭаз ала, раҧхьатәи аетапаз еиҭашьақәдыргыло 10 локациак алырххьеит, иара убас, ишырҳәаз ала, акурортқәа рырҿиара атәыла аекономикатә аҿиаразы аҵакы ҷыда амоуп.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун аекономикатә азҳара арбага ду. Ишазгәаҭаз ала, арегионаҿ аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, аглобалтә проблемақәа шырацәоугьы, Қырҭтәыла аекономика ҭышәынтәалоуп, аекономикатә активра дууп.

2022 шықәсазы иҟаз аекономикатә азҳара ду атенденциа нагӡахеит  2023 шықәса ажьырныҳәазгьы, ари амзазы 8.4% аекономикатә азҳара иҟан. Аекономикатә азҳара еицҵаратәны, аинфлиациа амаҷхара иаҿуп, апандемиа ашьҭахь ари азҵаарагьы аҵакы ҷыда аман.

Ахеилак алахәылацәа ишиашо атәым инвестицақәагьы ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәсазы  ишиашоу атәым инвестициақәа рҭаӡара азҳаит  61.1%-ла, 2 миллиард адоллар иаҟарахеит, уи иахьа уажәраанӡа атәылаҿ имҩаҧгаз атәым инвестициақәа рҭоурыхтә максимумоуп.