Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган
Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Аилатәараҿы, бжеиҳарала, ирылацәажәеит уажәазы имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу аинфраструктуратә проектқәа, урҭ рыбжьара − аихамҩа амодернизациеи, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәазеи, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рырҿиареи апроектқәа.

Анаклиатәи апроект ианалацәажәоз ишазгәаҭаз ала, 2024 шықәсазы иалагоит амшынтә аргыларатә усурақәа. Иара убас, ари ашықәс азы аадырҧшуеит аконцепциатә еиқәшаҳаҭра здызкыло  хазхаҭалатәи апартниор.   2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аинфраструктура аргылара иалагоит. Уажәазы активла имҩаҧысуеит аинвестор иалхра апроцесс. Зыӡбахәы ҳәоу аинвестор, аҳәынҭқарра аицҽалархәрала, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аинфраструктура арҿиара иуалуп.

Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рырҿиара апроект иадҳәаланы ишазгәаҭаз ала, апроект анагӡара иалагоит  2024 шықәсазы. Ари азҵаара ианалацәажәоз ишазгәаҭаз ала,  аҳаирбаҕәаза ҿыц атранзит-логистикатә азкызаара амазаауеит, зыҩаӡара ҳараку апассаџьыртәи аидаратәи терминалқәа рыла, уи абзоурала, иарбанзаалак адуреи ахки змоу апассаџьыртәи аидаратәи аҳаирпланқәа рыдкылареи рымаҵ ауреи рылшоит.

Ахеилак алахәылацәа Ҭелави ақалақьаҿ апассаџьыртә терминал ҿыц аргыларагьы иалацәажәеит, уи шықәсыкала 50,000ҩык раҟара апассаџьырцәа рымаҵ аура алшоит. Аплан ианахәаҧшуаз ишазгәаҭаз ала, аҧырратә цәаҳәа аханатә идырҿыцуеит, 1700 метранӡа аура ацырҵоит, ишьақәдыргылоит ҳаамҭазтәи анавигациатә системақәа, анавигациатә абааш ҿыц дыргылоит, иара убас, ишеибгоу идырҿыцуеит аҳаирбаҕәаза аҩныҵҟатәии адәахьтәи инфраструктура, апаркингтә аҭыҧ ҿыцқәеи апассаџьырцәа ирзыманшәалоу ақәыҧшыларақәеи  еиҿыркаауеит. Ҭелавтәи аҳаирбаҕәаза раҧхьатәи апассаџьырцәа аднакылоит 2024 шықәсазы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аҳаирбаҕәаза арҿиаразы иаҭахуп 25 миллион лари аинвестициа.

Хшыҩзышьҭра рызун Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа, ишазгәаҭаз ала, уаҟа идыргылоит 3.5 км. аура зауа аҧырратә цәаҳәа ҭбаа, уи иарбанзаалак адура змоу аҳаирпланқәа рыдкылара алшоит, иаҳа ирацәаны авиареисқәа рымҩаҧгара алшара ҟалоит, аамҭакала, изакәызаалак ҧкрак ада, аидаратә ҳаирпланқәа рыдкылара рылшоит. Апроект аус адулара хыркәшазароуп 2023 шықәса ҧхынҷкәын азы, убри анеҩс, хара имгакәа, аргыларатә усурақәа иалагоит.

Аиҳабыра алахәылацәа аихамҩа амодернизациа апроектгьы иалацәажәеит. 2024 шықәсазы  аихамҩатә транспорт аусхкы аҿы ареформа хыркәшахоит, европатәи астандартқәа ирышьашәалоу асистема аладырҵәоит, уи абзоурала, ари аусхкы аусушьа еиҕьхоит, амҩангара аамҭеи ахарџьқәеи иаҳа имаҷхоит, аихамҩала зымҩангара ҟало аидара аҭаӡара азҳауеит  28 миллион тонна аҟынтә  48 миллион тоннанӡа.

Ахеилак аилатәараҿы Мраҭашәаратә Қырҭтәыла иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, азарал шьаҭанкыла ирыҧхьаӡоит, аинфраструктура ирласӡаны еиҭашьақәдыргылоит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, ҭаацәаракгьы ацхыраарада иаанхом.