Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Аекономикатә хеилак аилатәара. мҩаҧган. Ахеилак алахәылацәа уажәазы имҩаҧысуа аекономикатә проектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит. 

Аилатәараҿы ирзааҭгылеит аекономикатә азҳара арбага бзиақәа. Аилатәара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, уажәазы адунеи зехьынџьара апроблемақәа шыҟоугьы, Қырҭтәыла аекономика аҭышәынтәалара ихьчоуп, 2023 шықәса мшаҧымзазы 7.5%  аекономикатә азҳара иҟан, сынтәа ажьырныҳәа-мшаҧы азы аекономикатә азҳара абжьаратә арбага 7.3% иаҟаран. Мшаҧы азы  20.4%-ла иазҳаит аекспорт аҭаӡарагьы, 2023 шықәса актәи акварталаҿ атәыла атуризм аҟынтә аиуит  100 %-ла иаҳа ирацәаны ахашәала. 

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аҕарреи аусурҭадареи арбагақәа аҭоурыхтә минимум аҟынӡа илаҟәит. 

Иара убас, ишазгәаҭаз ала, 2023 шықәса актәи акварталаҿ абизнессектор аҿгьы атенденциа бзиақәа инагӡан, аикәшареи аалыҵ ааглыхреи, иара убас, аусурҭала аиқәыршәареи аганахьала.