Аекономика аминистрра - 2025 шықәса абҵаразы аекспорт, ҵыҧхтәи ашықәс аасҭа 44.2%-ла иазҳаит, ари арбага зеиҧшҟамлац ала идууп, 782.3 миллион адоллар иаҟарахеит
2025 шықәса абҵаразы аекспорт, ҵыҧхтәи ашықәс аасҭа 44.2%-ла иазҳаит, ари арбага зеиҧшҟамлац ала идууп, 782.3 миллион адоллар иаҟарахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аекономика аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, зынӡа, ажьырныҳәеи абҵареи рзы аекспорт азҳаит 10.1%-ла.
„2025 шықәса абҵаразы аимпорт 1.4%-ла имаҷхеит, ари арбага 1,455.6 миллион адоллар иаҟаран, ажьырныҳәа-абҵаразы 9.3%-ла иазҳан, 16,598.1 миллион адоллар иаҟарахеит. Сынтәа абҵаразы ахәаахәҭратә аикәшара арбага 2,237.9 миллион адоллар иаҟаран, ари арбагагьы ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 10.9%-ла еиҳауп. Ажьырныҳәа-абҵаразы ахәаахәҭратә аикәшара арбага 9.5%-ла иазҳан, 23,216.2 миллион адоллар иаҟарахеит, уигьы, аекспорт еиҧшҵәҟьа, арекордтә арбагоуп“, – иануп Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациаҿы.