Аекономика аминистрра – Қырҭтәыла атранспорттә корридор иалсны ицо аидара ахыҧхьаӡара иацлоит
Аекономика аминистрра – Қырҭтәыла атранспорттә корридор иалсны ицо аидара ахыҧхьаӡара иацлоит

Аекономика аминистрра аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла атранспорттә корридор иалсны ицо аидара ахыҧхьаӡара азҳара адинамика инагӡоит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  2025 шықса ажьырныҳәа-рашәарамзазы Абжьаратә корридор ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала имҩанган  9,849 TEU аконтеинерқәа, ари ахыҧхьаӡара  2024 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 173.0%-ла еиҳауп.

Зыӡбахы ҳәоу аамҭа иалагӡаны иара убас иазҳаит Бақәа-Қарҭ-Ҟарс аихамҩала имҩангоу аконтеинерқәа рхыҧхьаӡарагьы.

Қырҭтәыла амшынтә баҕәазақәа рҿы ҷыдала иазҳаит аидарақәеи аконтеинерқәеи рстатистика.

Иара убас, аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла аҳаиртә транспортла имҩангоу аидарақәа рызҳара арбагагьы  – 2025 шықәса ажьырныҳәа-рашәарамзазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рыла имҩанган  16.5 нызқь тонна аидара, ари арбага  2024 шықәсатәи иашьашәалоу арбага аасҭа  57.6%-ла еиҳауп.