Аекономика аминистрра – 2026 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 16%-ла, ареисқәа рхыҧхьаӡара – 16,17%-ла, имҩангоу аидарақәа рҭаӡара – 38,75%-ла
Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, 2026 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 16%-ла, ареисқәа рхыҧхьаӡара – 16,17%-ла, имҩангоу аидарақәа рҭаӡара – 38,75%-ла.
«Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа 613 933ҩык апассаџьырцәа рымаҵ руит: Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза – 430 0349ҩык апассаџьырцәа, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аднакылеит 138 028ҩык апассаџьырцәа, Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза – 44 894ҩык.
2025 шықәсазы авиациатә сектор аҿы ахадаратә хырхарҭақәа зегьы рыла зеиҧшҟамлац азҳара иҟан. Ҵыҧх Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа 8 494 640ҩык апассаџьырцәа рымаҵ руит. 2025 шықәсазы ареисқәагьы зеиҧшҟамлац ала ирацәан. Ақырҭуа ҳаирбаҕәазақәа шықәсык ала 38 218 ареисқәа мҩаҧыргеит. Аҳаиртә аидарамҩангара аҭаӡара 38 578,379 тонна иаҟаран», — иануп Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациаҿы.