Аегзитполқәа рыла, Словакиа имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит апартиа "Пргрессивтә Словакиа"
Аегзитполқәа рыла, Словакиа имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит апартиа "Пргрессивтә Словакиа"

Аегзитполқәа рыла, Словакиа имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рҿы 23.5% рыла аԥхьагылара амоуп мраҭашәаратәи аориентациа змоу алибералтә апартиа “Апргрессивтә Словакиа”. Аҩбатәи аҭыԥ 21.9% рыла ааннакылеит атәыла ԥасатәи аԥыза-министр Роберт Фико ипартиа “Словактәи асоциал-демократцәа”.

Аҭыԥантәи аихқәа ишаарыцҳаз, агентра Focus имҩаԥнагаз аегзитпол 20 000-ҩык алхыҩцәа рыбжьара мҩаԥган.

Уаанӡа аинформациатә агентра “Роитер” ишаанацҳаз, Роберт Фико Венгриа еиԥша агәыла-Украина арратә цхыраара аҟәыҵра иҭахуп, алхрақәа рҿы аиааира агара ашьҭахь уи ари анагӡара илшон.

“Апрогрессивтә Словакиа” аиааира агар, аиҳабыра Украина адкылара нанагӡоит.