Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украинеи уи агәылара иҟоу атәылақәеи рҿы иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украинеи уи агәылара иҟоу атәылақәеи рҿы иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украинеи уи агәылара иҟоу атәылақәеи рҿы иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аусбарҭа аҳәамҭа ишану ала, Украина аибашьра иадҳәаланы, Киеви Одессеи иҟоу  Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа уахгьы-ҽынгьы аус руеит, Украина иалҵыр зҭаху Қырҭтыла атәылауаа ирыцхраауеит.

«Атәылауаа реиҭаҵреи рконцентрациеи иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Львовгьы аконсултә пункт аартразы аӡбара аднакылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь рыхынҳәразы, иара убас, Польшеи, Румынтәылеи, Словакиеи, Венгриеи, Молдовеи рахь риасреи ацхраара амзызла, Қырҭтәыла аконсултә усбарҭақәа зегьы адҵа рыҭоуп Қырҭтәыла атәылауаа раҧхьатәи ацхыраара рыҭаразы», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла атәылауаа, уажәы дара иахьыҟоу атәылаҿы Қырҭтәыла  ахаҭарнакра иадҵаалароуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина аҵакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла атәылауаа ирыбжьанагоит:

  • Украина анапхгара ишьақәдыргылаз ашәарҭадара аҳәарақәа рықәныҟәара, аҭыҧаҿгьы атәыла алҵра аангьы;
  • Қырҭтәыла аконсултә маҵзурақәа рҟны еиҧҟьарада аимадара;
  • еснагь ишәыцзароуп амч змоу аныҟәаратә документи аҧареи;
  • еснагь ишәыцзароуп аус зуа амобилтә ҭелқәеи аиҵаҵагақәеи;
  • амобилтә ҭелқәа рҿы ишәымазароуп амедицинатә цхыраара ласи, абылрацәыхьчаратә маҵзуреи, Украина иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатәи аконсултәи усбарҭақәеи рномерқәа;
  • аҭыҧантәи анапхгара иаладырҵәо аинформациа шәацклаҧшла», — иануп аҳәамҭаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазнык ицәырнагеит  «ацәаҳәа ҷыда» аномерқәа:

Киев иҟоу Қырҭәтыла ацҳаражәҳәарҭа:

+ 380 (63) 376 77 68

+ 380 (44) 590 69 50

+ 380 (93) 544 01 17

+ 380 (63) 376 73 64

Одесса иҟоу аконсулра хада:

+ 380 (63) 176 75 55

+ 380 (93) 761 17 17

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра:

+ 995 (32) 2 94 50 50