«Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект ицәыргазаауеит Қырҭтәыла апарламент абиуро уаҵәтәи аилатәараҿы
«Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект ицәыргазаауеит Қырҭтәыла апарламент абиуро уаҵәтәи аилатәараҿы

Қырҭтәыла апарламент абиуро уаҵәтәи аилатәараҿы ицәыргазаауеит «Адеолигархизациа иазку» азаканпроект.

Анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аҧсахрақәа  дырмазеит украинатәи амодель ашьаҭала.

Азаконопроект инақәыршәаны, апарламент аконкреттә хаҿы аолигарх иаҳасабала изхаҵара алшоит зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы 4 критериак рҟынтә хҧа идкьыслозар: аполиткиатә ҧсҭазаара алахәызаара; амассатә информациа ахархәагақәа рзы анырра; шықәсык иалагӡаны аџьармыкьаҿы аҧыжәара змоу анаплакратә аиуристтә хаҿы аҵыхәтәантәи абенефициарс аҟазаара;  ишьақәырҕәҕәоу имали инапаҿы иҟоу анаплакратә аиуристтә хаҿқәа рмали аусура зылшо ауааҧсыра рыхныҟәгаратә минимуи  1 000 000-нтә еиҳазар.

Азакәанпроект инақәыршәаны, аолигархцәа ареестр ҷыда ианырҵоит, ареестр иадҳәалоу апҟарақәа шьақәырҕәҕәазаауеит апарламент ала. Аолигархс иазхарҵо ахаҿы аҧкрақәа ирышьақәдыргылоит, лымкаала, иара азин иоуам: аполиткиатә партиақәа аҧара рзоушьҭра, иара идҳәалоу ауааҧсы ма аиуристтә хаҿқәа рыла асервисқәеи аҧареи ала аполиткиатә партиақәа реиқәыршәара; алхрақәа раан акандидатцәа ралхратә фонд аҧара алаҵареи алхратә процесаан аполитикатә партиақәа аҧара рзоушьҭреи; аобиект дуқәа рприватизациа аан урҭ раахәара; иарбанызаалак аполитикатә кампаниа, ма аполитикатә аҳәарала имҩаҧысуа адемонстрациа  аҧара азоушьҭра.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  «Адеолигархизациа иазку» азакәан амч амазаауеит  уи анрыдыркылакь ашьҭахь  10 шықәса рыҩныҵҟа.