Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрс дҟаҵоуп Гиви Миқанаӡе
Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрс дҟаҵоуп Гиви Миқанаӡе

Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр иҭыҧ ааникылеит Гиви Миқанаӡе.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  аминистр ҿыц дрыдигалеит.

Иахьанӡа Гиви Миқанаӡе апарламентаҿ аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет дахантәаҩын.

Гиви Миқанаӡе аминистр иҭыҧ ааникылеит Алеқсандр Ҵулаӡе ицынхәрас. Иахьа Ҵулаӡе инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны арзаҳал иҩит.