Гиви Миқанаӡеи азербаиџьантәи иколлегеи Қырҭтәыла Атехникатә университет иаҭааит
Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡеи Азербаиџьан аҵареи аҵарадырреи рминистр Емин Амрулаеви Қырҭтәыла Атехникатә университет иаҭааит. Уаҟа аганқәа рхаҭарнакцәа иреиҳаӡоу аҵара аусхкы аҿы ҩ-тәылак русеицура арҭбаара иалацәажәеит.
Аминистрцәа дырҧылеит Атехникатә университет аректор, академик Давиҭ Гургениӡе.
Ҩ-тәылак рминистрцәеи асасцәеи аҵарадырратә проектқәа рцәыргақәҵа рбан, аинновациатә проектқәа цәырызгаз ақырҭуеи азербаиџьантәи астудентцәа ирҧылеит.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, наҟ-наҟ ҩ-тәылак рҵараиурҭақәа рыбжьара аусеицура иаҳа арҭбаара амзызла, аҵаратәи аҵарадырратәи проектқәа рынагӡара иазыхиоуп.