Гиви Миқанадзе – Аҿар азеиҧш аҵара наӡа рыҭаразы 11 шықәса иазхоит, ҳара альтернативтә вариантгьы ҳахәаҧшуеит, изҭаху аҵаҩцәа 12-тәи аклассаҿгьы аҵара рылшар ҟалап
«Аҿар азеиҧш аҵара наӡа рыҭаразы 11 шықәса иазхоит. Насгьы, уи, изакәызаалак ак ала Болониатәи апроцесс иаҧырхагам», — иҳәеит аҵара аминистр Гиви Миқанаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы.
Миқанаӡе иҳәамҭала, џьоукы ари азҵаара рхатә хықәкқәа рзы рхы иадырхәоит.
«11 шықәсатәи аҵаратә система Европаҿ аҵара анагӡара иаҧырхагам. Аха, Европа аҵара назыгӡар зҭаху аҿар шықәсык уаатәи ашколаҿ аҵара рҵар акәхоит. Ашкол ашьҭахь Қырҭтәыла иаанхо аҿар рхаҧхьаӡара абакалавриат азы Европаҟа ицо аҿар рхаҧхьаӡара иаҿаҳарҧшыр, аиҟарамра даараӡа идууп. Аха, ари азҵаара иадҳәаланы хықәкылатәи агәыҧқәа ҳрацәажәароуп. Альтернативтә вариантгьы ҳахәаҧшуеит, изҭаху аҵаҩцәа 12-тәи аклассаҿгьы аҵара рылшар ҟалап», — иҳәеит аминистр.