Гиви Миқанаӡе  - Аҵара ареформа аконцепциа иадҳәаланы аоппозициаа иҟарҵо аманипулиациатә ҳәамҭақәа рылагьы иубарҭоуп арҭ ауаа аҳәатәы шрымам
Гиви Миқанаӡе  - Аҵара ареформа аконцепциа иадҳәаланы аоппозициаа иҟарҵо аманипулиациатә ҳәамҭақәа рылагьы иубарҭоуп арҭ ауаа аҳәатәы шрымам

 

Мышқәак ирылагӡаны аоппозициааи урҭ рыдгылаҩцәеи, аҵара ареформа аконцепциа иадҳәаланы изакәызаалак шьаҭак змам ахарадҵарақәа иқәдыргылоит,  арҭ ауаа рҟынтә акритика зҳадаҳкылом,  избанзар,  ианаамҭаз дара аҵара асистема аиҕьтәразы акгьы ҟарымҵеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҵареи,  аҵарадырреи,  аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡе.

„Фактк ауп иҟоу  – аконцепциаҿы иарбоуп ҳара ҳҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара ҳалзыршаша аконкреттә хәаҧшырақәа. Уи ари асистема атәылеи ажәлари ринтересқәа рықәныҟәара алшарц азыҳәан апроблемақәа шыҳаӡбаша  ҳзырбо мҩоуп. Иашьашәалоу агәыҧқәа рҟны ари азҵаара ахәаҧшра ҳазыхиоуп. Ҳара ари ахырхарҭала аусура ҳалагахьеит. Хара имгакәа аиҧылрақәа еиҿаҳкаауеит,  агәаанагарақәа зегьы ҳарзыӡырҩуеит. Аха, арҭ аиҧыларақәа аконструктивтә ҟазшьа рымазароуп,  уи ауп ихадоу. Ахцәажәара ашьаҭала аҵыхәтәантәи аӡбара ҳадаҳкылоит. Убри анеҩс,  аиҳабыра аконцепциа шьақәдырҕәҕәоит,  ари аконцепциа ашьаҭала ареформа мҩаҧаагоит,” – иҳәеит Гиви Миқанаӡе.