Знык мацара, 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы,  актәи акласс аҭаларазы арегистрациа иахысыр рылшоит ҧхынҷкәын 31-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа 
Знык мацара, 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы,  актәи акласс аҭаларазы арегистрациа иахысыр рылшоит ҧхынҷкәын 31-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа 

Знык мацара, 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы,  актәи акласс аҭаларазы арегистрациа иахысыр рылшоит ҧхынҷкәын 31-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, – иҳәеит аҵареи аҵарадырреи аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡе.

Миқанаӡе иҳәамҭала, ари аӡбара рыдыркылеи аҭаацәа ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны.

„Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟны аконсультациақәа мҩаҧганы, ишыҳаӡбаз ала, знык мацара, 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы,  актәи акласс аҭаларазы арегистрациа иахысыр рылшоит ҧхынҷкәын 31-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. Ҳтәылауаа ргәаанагара азыӡырҩреи азҧхьагәаҭареи ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп. Аҵара ареформа аконцепциа цәыраагахьеит, убри аҟынтә, аиасратә период излауа ала иҳармариар ҳҭахуп. Аҭаацәа реиҳара рхәыҷқәа ашкол аҭаларазы иазыҟарҵон. Убри аҟынтә, ҳара аҭаацәа ринтересқәа иазҧхьагәаҳҭеит“, – иҳәеит Гиви Миқанаӡе.

Миқанаӡе ишазгәеиҭаз ала,  аӡбарақәа зегьы ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара иазкызарц азыҳәан,  Аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа ашколтә уаажәларреи, аекспертцәеи, аҭаацәеи  активла аус рыцура нарыгӡоит.