Абиуџьеттә ԥарафаразы Михеил Саакашвили иӡбара апроцесс мҩаԥысуеит
Абиуџьеттә ԥарафаразы Михеил Саакашвили иӡбара апроцесс мҩаԥысуеит

Абиуџьеттә ԥарафаразы Қарҭтәыи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Михеил Саакашвили ипроцесс мҩаԥысуеит.

Аилатәараҿ дыҟоуп ихаҭа ԥасатәи ахадагьы.

Апрокуратура ҳаҭарнакцәа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвилии Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда аиҳабы ԥасатәи ахада Ҭемур Џьанашьиеи 9024367 лари аҳәынҭқарратә ԥара фара ирхарарҵоит. Ари ацәгьауразы иазыԥхьагәаҭоуп 11 шықәсанӡа аҭакра.

Аусԥшаара аинформациа ала, Қырҭтәыла ахада Михеил Саакашвилии, Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда аиҳабы ԥасатәи ахада Ҭемур Џьанашьиеи Оҭар Қвелиӡеи абиуџьеттә ԥара фаны, ари ирҵәахырц азы, маӡалатәи аформала, ахада ирезервтә фонд аҟынтә Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыдазы аԥара алырхит.

Апрокуратура аинформациала, 2009 шықәса лаҵара 1 инаркны 2013 шықәса жәабран 25-нӡа Михеил Саакашвили идҵала, абиуџьет 9024367.34 лари азарал абеит.