64 амуниципалитетқәа рҟынтә 20 рҿы ақалақьқәа рхадацәа ралхразы аҩбатәи атур мҩаҧысуеит
 64 амуниципалитетқәа рҟынтә 20 рҿы ақалақьқәа рхадацәа ралхразы аҩбатәи атур мҩаҧысуеит

Алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла, 64 амуниципалитетқәа рҟынтә 20 рҿы ақалақьқәа рхадацәа ралхразы аҩбатәи атур мҩаҧысуеит.

Аҩбатәи атур мҩаҧгахоит аҳҭнықалақь аҿгьы, уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, уаҟа  «Ақырҭуа гәахәтәы» акандидат  Каха Калаӡе  45,28 наӡына иоуит, «Амилаҭтә ҵысра» акандидат  Никанор Мелиа — 34,27 наӡына.

Апропорциатә сиақәа ирыдҳәаланы Алхратә комиссиа хада иаланарҵәаз заанаҵтәи адыррақәа рыла,  –  апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы»   47,83 аиуит,  «Амилаҭтә ҵысра» — 30,69 наӡына. Акомиссиа аинформациа инақәыршәаны, Қарҭ  «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылеит алхыҩцәа  40,73 наӡына,  «Амилаҭтә ҵысра» — 28,42 наӡына.